Ҭаркьыл: ашколхәыҷқәа распартакиада иалагалоуп амилаҭтә хәмаррақәа
Sputnik Аԥсны аинформациатә маҵзуреи арадиои "Арадиои аспорти" атемала ишәыдыргалоит адырраҭарақәеи, аиҿцәажәарақәеи, аналитикатә азгәаҭақәеи. Аԥсны аҵара министрра абҩарҵәыреи аспорти аҟәша аиҳабы, ҳаҭыр зқәу аспорт азҟаза Аслан Ҭаркьыл Sputnik арадиостудиаҟны дазааҭгылеит ашколхәыҷқәа рыбжьара имҩаԥысуа аспартакиада иалагалоу аҿыцрақәа.