Аҭоурыхҭҵааҩ акьыԥхь збаз ашәҟәы иазкны: ажәлар згәылсыз амҩа унарбоит
Агазеҭ "Республика Абхазия " нанҳәамза 14 1992 шықәса инаркны цәыббрамза 30 1993 шықәсанӡа ианылаз аматериалқәа зегьы шәҟәык аҿы ианылеит, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik астудиаҟны аҭоурыхҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба.