Sputnik акорреспондент еиҭалҳәеит Бзыԥҭа аҳаблаҿ имҩаԥысуа ажрақәа зызку
Апроект "Ахьӡ архынҳәра" аԥшьгарала Бзыԥҭа аҳаблаҿ Аџьынџьтәылатәи еибашьра дуӡӡа аан иҭахаз аибашьцәа рыԥсыбыҩқәа рыԥшааразы аусурақәа мҩаԥысуеит. Sputnik Аԥсны акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит аҭыԥаҟны аусурақәа шымҩаԥысуа атәы.