Наҷҟьебиа: иахьагьы игәхьаазгоит аҳаирплан аҟынтәи аԥара
Аԥснынтә раԥхьаӡа аҳаиртә десант ахь аррамаҵзура рхыргарц ишыргаз, насгьы аныҳәамш аҽны аӡы алаԥалара дшазыҟоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны адесантуаа реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Наҷҟьебиа. Нанҳәа 2 аҳаиртә-десанттә мчқәа ирымшуп.