Аб Далмаҭ еиҭеиҳәеит Аԥснынтә Иерусалим амцаԥшьа аагаразы ицаз рныҟәара атәы
Амцаԥшьа аагаразы Иерусалим иҟоуп Аԥснынтәи аԥшьаныҟәаҩцәа. Иарбан ҭыԥқәоу изҭаахьоу, ныҳәатә усмҩаԥгатәқәас рхы зладырхәхьеи, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит аԥсуа делегациа иалоу аб Далмаҭ.