Амҷба Аԥсны ахада иалхрақәа Москва амҩаԥысшьа иазкны: аԥхын алхыҩцәа маҷуп
Москватәи алхырҭатә ҭыԥ аҿы Аԥсны ахада иалхрақәа шеиҿкааз, насгьы шаҟаҩык рхы аладырхәыз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Урыстәыла аҳҭнықалақь аҿы иаартыз аԥшьбатәи алхырҭатә ҭыԥ акомиссиа алахәыла Ахра Амҷба.