Ахсалԥҳа еиҭалҳәеит Амшын еиқәаҿы иааҳәыз атанкер Аԥсны амшынӡы ишаныруа
Атанкер "Делфи" ааҳәра иахҟьаны аӷба иақәыз абылтәы амшын алалара Аԥсны аганахьала Амшын еиқәа анырра шанаҭаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсны аекологиатә институт аусзуҩ Асида Ахсалԥҳа.