Ҟазшьак-ҟазшьак рыман: ахԥатәи "Аԥсуа литература ашедеврқәа" ахәаԥшцәа идырбан
![Ҟазшьак-ҟазшьак рыман: ахԥатәи](https://cdn1.img.sputnik-abkhazia.info/images//102676/77/1026767774.jpg)
Рашәарамза 25 рзы Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр асценаҿы идырбан "Аԥсуа литература ашедеврқәа" ахԥатәи ақәыргыламҭа. Аԥсуа поезиа даҽа зныкгьы асценатә ԥсҭазаара шаҭахаз, ахәаԥшцәа ишрыдыркылаз атәы ианҵамҭаҿы еиҭеиҳәоит апроект зҽалазырхәыз Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.