Арсалиаԥҳа еиҭалҳәеит Петербург анапы зҵаҩыз акультура аплан иаҵанакуа
Аԥсны акультура аминистр Ельвира Арсалиа ажурналистцәа рзы имҩаԥылгаз апресс-конференциаҟны еиҭалҳәеит Санкт-Петербургтәи жәларбжьаратәи афорум аԥсуа делегациа алахәхара алҵшәақәа ртәы.