Ахәаҷба Адаԥазар аԥсуа-адыга хеилак рхыбра ҿыц аартразы: ҳаԥсуара еиқәҳархарц ҳҭахуп
Адаԥазар иаартуп аԥсуаа-адыгаа рзеиԥш хеидкыла ахыбра ҿыц. Ахеидкыла хықәкыс иамоуп аԥсуа-адыга студентцәа реибардырра, рыиашьара, реилагылара, реиҭанеиааира, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы аусмҩаԥгатә иалахәыз Ирфан Ахәаҷба.