Бжьаниаԥҳа: ахәылԥаз иалахәхо аԥсуааи адыгааи иахьынӡеиԥшу иныруеит
Ауаажәларратә еиҿкаара "Амч" мшаԥы 25, Адыгатәыла абираҟ амш аҽны, Аҟәа еиҿнакаауеит аетно-культуратә хәылԥазы ҳәа хьӡыс измоу аусмҩаԥгатәқәа. Урҭ хықәкыс ирымоу арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит аиҿкаара "Амч" ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Иана Бжьаниаԥҳа.