Џьапуа: иахьатәи ҳаҭҵаарадырра аҿахәы ҳәалатәуп
Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы, археолог Аркади Џьапуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иазгәеиҭеит аԥсуа ҭҵаарадырра ӡыргалатәуп ҳәа. Мшаԥымза 23 инаркны 29–нӡа Ҟарачы-Черкесстәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысуан Ҩада Кавказ археологиа иазкыз "Крупнов иԥхьарақәа" ҳәа хьӡыс измоу Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа.