Беиаԥҳа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазку афотоцәыргақәҵазы: ҳаиҷаҳауеит
Рашәара 21 рзы Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҿы иаатуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазку ацәыргақәҵа. Аекспозиациаҿы иҟало, насгьы ацәыргақәҵа аҵак атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит амузеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳа.