Ашәба: ачгара ианыҵоу аамҭазы ацуныҳәара амҩаԥгара ҟалом, ихырҳагахом
Аԥхын ишаԥу еиԥш аԥсуаа имҩаԥыргоит ацуныҳәара. Анхацәа раарыхра бзиахарцаз Анцәа иахь рхы рханы иныҳәоит. Ацуныҳәара иацу акәамаҵамарақәа ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аетнолог, Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.