Аԥсны атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауаа "Саянский марш" иалахәхоит
АрМИ-2021 аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп 15 тәыла рҿы 34 конкурса еицлабра рымҩаԥгара. Аицлабрақәа ирылахәхоит 95 тәыла. "Саянский марш" актәи аицлабра мҩаԥысуеит мшаԥы 14 - 17 рзы Красноиарсктәи атәылаҿацә аҿы, аҽазыҟаҵарҭа "Ергаки" аҟны.